Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Ажьырныҳәа!
Жәытә-натә аахыс апсуаа ҳзы ари аныҳәа лымкаала аҵак ҷыда аман. Уи рызкыуп ҳҵасқәа рныҟәгара, ҳажәлар ракзаара, аҭаацәа реидкылара.
Иҧшьоу Ажьырныҳәа рыдысныҳәалоит ҳауаажәлар зегьы-зыҧсадгьыл аҿы инхо реиҧш аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаагьы.
Ҳахьыҟазаалакгьы ҳаиднакылоит Аҧсынтәыла, ҳбызшәа, ҳмилаҭтә культура, ҳаҧсадгьыл абзиабара.
Ҳаҧсуара мырӡкәан аҧсуа ҳәынҭқарра уасхырс иазышьҭаҵаны ҳхықәкы хада иацаҳҵар хымҧада аихьӡара дуқәа ҳҧеиҧшзаауеит.
Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!
Ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, ҭаацәаныла аизҳара! Ажьырныҳәа алҧха шәымазааит!
Ҽааныбзиала шәнеиааит!»







